Жәлар рыхьчаҩ - Алхрақәа ииашаны, иҭынчу еиҟароу аҭагылазаашьаҿ алхрақәа мҩаԥгахарц азы, аполиаризациа аҿагыларазы, аганқәа ирылшо зегь ҟарҵароуп
Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Каха Калаӡе иалхратә штаб ааигәара, Меликишвили имҩаду аҿы цәыббра ааба рзы иҟалаз ахҭыс инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Аомбудсмен иажәақәа рыла, аполаризациа алхрақәа ирыцныҟәо асистематә проблемоуп, алхрақәа ииашаны, иҭынчу еиҟароу аҭагылазаашьаҿ алхрақәа мҩаԥгахарц азы, аполиаризациа аҿагыларазы, аганқәа зегьы ирылшо зегь ҟарҵароуп.
Жәлар рыхьчаҩ Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрреи Апрокуратуреи рахь ааԥхьара ҟаиҵоит ахара зду ахаҿқәа зегьы аҭакԥхықәра рықәырҵарц.
Иара убас, Жәлар рыхьчаҩ ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра аҭынч аизарақәа рзы ишьашәалоу ишәарҭам аҭагылазаашьа аиҿкаара адшылароуп.