Иахьа, Украина аганахьала Урыстәыла агрессиа афон аҿы “Ақырҭуа гәахәтәы” ахымҩаԥгашьа агәыԥжәара ҳазнарҵысит, “Амилаҭтә ҵысра” ахақәиҭраз ақәԥараҿ аиааира шаго издыруеит, – иҳәеит Лиетуватәи Асеим адәныҟтәии европатәии аусқәа рзы акомитет алахәыла Жигимантас Павильонис Вильниус, “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа иҟны аиԥылара ашьҭахь.
Павильонис асоциалтә каҭаҿы ишааицҳаз, Украина аиаара агара ахақәиҭра Украина мацара акәымкәа, Қарҭи Кавкази рзаанагоит.
“Зхы иақәиҭу адунеи аҿы ҩ-ҟәардәк рықәтәара уаҳа алшара егьыҟалом, адунеи аҿы иаанхоит украинаа ирывагыланы рхықәиҭреи, рдемократиеи, рсуверенитети рзы иқәԥо мацара”, – ианып аҳәамҭа аҿы.