Жан-Ноель Барро – Ақырҭуа жәлар ахақәиҭреи адемократиеи иазгәыкуп, сара уи ахә сшьоит
Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Жан-Ноель Барро иҳәамҭала, иара ақырҭуа жәлар адемократиеи ахақәиҭреи ирзаадырҧшуа азгәыкра ахә ишьоит. Барро ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Бриуссель, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхеилак аилатәара иалагаанӡа.
«Сара ақырҭуа жәлар ирасҳәар сҭахуп: дара адемократиеи ахақәиҭреи ирзаадырҧшуа азгәыкра ахә ҳшьоит. Атәыла анапхгара ҳрылацәажәозар, изныкымкәа ҳпозициа ааҳарҧшхьеит», — иҳәеит Жан-Ноель Барро.