Жәабран 13-14-рзы иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, жәабран 15 рзы ақәа леир ҟалап
Жәабран 13-14-рзы иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, жәабран 15 рзы ақәа леир ҟалап

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра жәабран 13-14 рзы амш зеиԥшрахо адырра аланарҵәеит.

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, жәабран 13-14-рзы иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом,  аҳауа аԥхарра ҽынла  +20, +25 градус иаҟарахоит, жәабран 15 рзы ақәа леир ҟалап.

Қарҭ жәабран 13-14 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аҳауа аԥхарра ҽынла  +20, +22 градус иаҟарахоит, жәабран 15 рзы – +15, +17.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) жәабран 13-14 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.  Аҳауа аԥхарра ҽынла  +22, +24 градус иаҟарахоит, жәабран 15 рзы ақәа леиуеит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) жәабран 13-14 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.  Аҳауа аԥхарра ҽынла  +21, +23 градус иаҟарахоит. Жәабран 15 рзы џьара-џьара ақәа леир ҟалап, ихьшәашәарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):  жәабран 13-14 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +10, +12   градус иаҟарахоит.