Жьҭаара 27 рзы Иапониа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаԥысуеит
Жьҭаара 27 рзы Иапониа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаԥысуеит

Жьҭаара 27 рзы Иапониа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаԥысуеит. Изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара иазку аӡбара идикылеит аԥыза-министр иҭыԥ ахь акандидат ҿыц Шигеру Ишиба.

Уажәтәи аԥыза-министр Фумио Кишида нанҳәа мзазы иҟаиҵаз аҳәамҭала, апартиа анапхгаҩы иҭыԥ азы ақәԥара уаҳа игәы иҭам.

67 шықәса зхыҵуа Шигеру Ишиба аиҳабыра ҿыц аиҿкаара далагахьеит.

Ишиба 2007-2008 шықәсқәа рзы Иапониа Атәылахьчара аминистр иҭыԥ ааникылон.