Жьҭаара 2-3 рзы Қырҭтәыла ақәоурацәгьеи, адыди, акырцхи иазыҧшуп
Жьҭаара 2-3 рзы Қырҭтәыла ақәоурацәгьеи, адыди, акырцхи иазыҧшуп

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррала, жьҭаара 2 рзы, уахынла  – Қырҭтәыла мрагыларатәи арегионқәеи мраҭашәаратә Қырҭтәыла аҵакыра зегьы рҿы ақәоурацәгьеи, адыди, акырцхи иазыҧшуп.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз, аԥша ӷәӷәа асыр ҟалап.

Жьтаара 3 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, мраҭашәаратә регионқәа рҿы ақәоурацәгьеи, адыди, акырцхи иазыҧшу, амшын аҿы – 3-4-балл иаҟароу ашторм ҟалоит.

Ақәоурацәгьа амшала Қырҭтәыла аӡиас хәыҷқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә раионқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа ралагара ашәарҭара иаҟоуп.