Хвича Кварацхелиа – Ҳара иаҳа ҳаҕәҕәаны ҳхынҳәуеит, ҳаҧхьаҟа аматчқәа рацәа ҳзыҧшуп, ҳгәахәтәы азықәҧара наҳагӡоит #1TVSPORT
Хвича Кварацхелиа – Ҳара иаҳа ҳаҕәҕәаны ҳхынҳәуеит, ҳаҧхьаҟа аматчқәа рацәа ҳзыҧшуп, ҳгәахәтәы азықәҧара наҳагӡоит #1TVSPORT

Ачемпионцәа рлига афинал аҧшьбарак аҿы   «Милана»  аҟны аҵахара ашьҭахь, Хвиача Кварацхелиа, ахәаҧшцәа рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит аҵахареи изҭаимыршәыз пенальтии азыҳәан.

«Шәылаҕырӡқәа рыхәаҧшра сцәыуадаҩуп,  шәыргәырҕьара ахьсылымшаз даараӡа сгәы иалоуп. Иахьатәи амш аҧышәас исзыҟалоит.

Саҭашәымҵан, ес-секундк сцәа ианыруа адгыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Бзиа шәызбоит. Ҳара иаҳа ҳаҕәҕәаны ҳхынҳәуеит, ҳаҧхьаҟа аматчқәа рацәа ҳзыҧшуп, ҳгәахәтәы азықәҧара наҳагӡоит!», — иҩит  Хвича Кварацхелиа.

Зыӡбахәы ҳәоу аматч аҿы  «Наполи» ишаҵахазгьы, жәларбжьаратәи ашьапылампылтә аналитикатә  веб-саитқәа  Whoscored-и Sofascore-и ақырҭуа ашьапылампыласҩы ари аматч иреиҕьу ахәмарҩыс дазхарҵеит.

«Милан»  2:1 (1:0, 1:1) ҳәа аиааира агеит, ари аклуб 2 матчк реихшьаала ала, Ачемпионцәа рлига афиналбжахьы ииасит.