Хельсинки имҩаԥгаз ацәыргақәҵаҿ Қырҭтәыла атуризм апотенциал аарԥшын
Хельсинки имҩаԥгаз ацәыргақәҵаҿ Қырҭтәыла атуризм апотенциал аарԥшын

Финлиандиа, Хельсинки имҩаԥгаз жәларбжьаратә атуристтә цәыргақәҵаҿ MATKA 2024 Қырҭтәыла атуризм апотенциал аарԥшын. Ацәыргақәҵа иалахәун Атуризм азы Қырҭтәыла амилаҭтә администрациа.

Атуризм азы Қырҭтәыла амилаҭтә администрациа аинформациала, нордикатәи тәылақәа рҿы идуӡӡоу ацәыргақәҵа иалахәун Қарҭ ахадареи, Аҷара атуризми акурортқәеи рдепартаменти, Самцхе-Џьавахеҭии Шәантәылеи реиҿкаарақәеи атуристтә аилахәырақәеи.

MATKA 2024 аҿы ицәыргаз Қырҭтәыла астенд аҿы иаарԥшын Қырҭтәыла атуристтә аалыҵ.

Хельсинки хымш имаԥысуаз ацәыргақәҵа иаҭааит 50000-ҩык авизитиорцәеи 850 атуристтә аиҿкаарақәеи.