Хәажәкыра акы инаркны ауаажәларратә усурақәа рҿы аусурҭала реиқәыршәара зымҽхак дуу апрограмма иалагоит

Хәажәкыра акы инаркны, асоциалтә цхыраара зауа, аусура зылшо ауааҧсыра аусурҭала реиқәыршәара активтә политика амҩаҧгара ҳалагоит – ауаажәларратә усурақәа рҿы аусурҭала реиқәыршәара зымҽхак дуу апрограмма, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, аусура зылшо ауааҧсыра асоциалтә цхыраара акәымкәа, аусурҭеи ахатә алшарақәа рхархәареи ауп ирҭаху.

„Мчыбжьқәак раҧхьа сара иаартны ари азҵаара салацәажәеит. Ари аинициатива Қырҭтәылаҿ ауаажәларратә усуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, социалла ихьчам, аусура зылшо атәылауаа аусурҭала реиқәыршәареи иазкуп. Ҳара абҵаразы ари азҵаара аус адулара ҳалагеит. Ҳаҭыр зқәу Леван Давиҭашвили инапхгарала, сара, европатәи тәылақәак рҧышәа аҭҵааразы агәыҧ дәықәысҵеит.

Ажәлар иргәаласыршәар сҭахуп иахьанӡа иҟаз асоциалтә политика шхәарҭамыз, избанзар, социалла ихьчам, аха аусура зылшо ауааҧсыра аус рымурц азыҳәан аҭагылазаашьақәа зегьы рзеиқәыршәан. 600 000-ҩык социалла ихьчам атәылауаа рҟынтәи 200 000-ҩык раҟара аусура рылшоит. Ҽакала иаҳҳәозар, 200 000-ҩык раҟара аусура зылшо ауааҧсыра ҳтәыла аргылара апроцесси аекономикеи иалахәым, закәанла аусура алагаразы изакәызаалак мотивациак рымам. Убри аҟынтә, ҳара социалла ихьчам атәылауаа, ахәыҷқәа, зылшарақәа маҷу ҳтәылауаа, ацхыраара зҭаху зегьы ҳрыцхраароуп, аха, аусура зылшо ауааҧсыра асоциалтә цхыраара акәымкәа, аусурҭеи рхатә лшарақәа рхархәареи ауп ирҭаху. Аҭаацәара цыҧхьаӡа мышхәыбзазара аиурц, атәыла аҿиара амазарц азыҳәан, аусура зылшо ауааҧсыра зегьы, хымҧада аекономикатә процесс иалахәызароуп. Убри аҟынтә, абри ахықәкы анагӡаразы, хәажәкыра акы инаркны ари апроцесс ҳалагоит, асоциалтә цхыраара зауа, аусура зылшо ауааҧсыра аусурҭала реиқәыршәара аполитика амҩаҧгара, ауаажәларратә усураҿы аусуратә ҭыҧқәа раҧҵара апрограмма ҳалагоит”, – иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, ауаажәларратә усуратә ҭыҧқәа аҧҵахоит ҷыдала хықәкылатәи агәыҧ рзы, арҭ аусурақәа рынагӡара рылшоит иарбанызаалак квалификациак змоу ауааҧсыра.