Хаҭуна Самниӡе - "Ақырҭуа гәахәтәы" аклан анагӡаҩцәа роуп, дара иҟарҵо зегьы еицыҟарҵоит, атәыла анапхгара аклан ишазгәыку шьақәдырҕәҕәеит
«”Ақырҭуа гәахәтәы” аклан анагӡаҩцәа роуп, аҩынтәраангьы аҵәҭаҧсара аҧыхра уи шьақәнарҕәҕәоит. Акомиссиаҿ аиаша ашьақәыргылара ҟалон», — илҳәеит аоппозициатә депутат Хаҭуна Самниӡе.
Самниӡе лҳәамҭала, «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа аоппозициаа 50 бжьы мацара шрымоу дырны, абри азҵааразы абжьыҭира амҩаҧгаразы дара ирзыманшәалоу аамҭа алырхуеит.
«Апарламенттә аиҳара акомиссиа аиҿкаара иҧырхагахаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит ҳәа анырҳәо, азакәандара ҟарҵоит ҳәа ауп уи иаанаго. “Ақырҭуа гәахәтәы” аклан анагӡаҩцәа роуп, дара иҟарҵо зегьы еицыҟарҵоит, атәыла анапхгара аклан ишазгәыку шьақәдырҕәҕәеит», — илҳәеит Самниӡе.
Аӡбарҭа иадҳәаланы аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкааразы аҵәҭаҧсара иахьагьы акворум аҟамзаара амшала изымҩаҧымсит.