Хаҭуна Самниӡе  - Уаҵәы алхрақәа мҩаҧсуазҭгьы, ҳара ҳахиам ҳәа сгәы иаанагоит
Хаҭуна Самниӡе  - Уаҵәы алхрақәа мҩаҧсуазҭгьы, ҳара ҳахиам ҳәа сгәы иаанагоит

Уаҵәы алхрақәа мҩаҧсуазҭгьы, ҳара ҳахиам ҳәа сгәы иаанагоит, — илҳәеит аоппозициатә депутат,  «Ареспубликатә партиа» ахантәаҩы  Хаҭуна Самниӡе  «Тв Привели» аефир аҿы.

Самниӡе лажәақәа рыла, аполитикатә процесс иҳнарбоит ҳаҧхьаҟа алхрақәа шымҩаҧысуа,  2024 шықәсазы имҩаҧгахо ма изаамҭаным алхрақәа мҩаҧысуа.

«Уаҵәы алхрақәа мҩаҧсуазҭгьы, ҳара ҳахиам ҳәа сгәы иаанагоит .  Раҧхьа иргыланы,  ауааҧсыра алхрақәа рахь инеины аоппозициаа ирыдгыларц азыҳәан  иҟаҵатәу рацәоуп. Уи азыҳәан иаҳа аамҭа ҳҭахуп,  «Ақырҭуа гәахәтәы» иаҳа рҿаҧҽразы иҟаҵатәу рацәоуп. Уи иаанагом уаҵәы алхрақәа мҩаҧысуазҭгьы дара уадаҩрада аиааира ргон ҳәа.  Ҳәарада, рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы рзы иадырхәоит, аха, ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп асистема еиҿкааны аус ишауа, ха, ишыжәдыруа ала, асистема макьана ириашам.  Агәра ганы ҳаҟазароуп Қырҭтәыла атәылауаа цқьа ишырдыруа аоппозициааи аиҳабыреи  иҟарҵо. Агәра ганы ҳаҟазароуп атәылауаа ари апроцесс аҿы активра шаадырҧшуа», — илҳәеит  Хаҭуна Самниӡе.