Урыстәылеи Украинеи атҟәацәа еиҭнырыҧсахлеит
Урыстәылеи Украинеи «95 – 95» аформула ала атҟәацәа еиҭнырыҧсахлеит.
Атәҟацәа реиҭныҧсахлара мҩаҧган Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рыбжьацәажәарала.
Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, ихынҳәыз украинатәи аруаа реиҳара ахәрақәеи ачымазара лаҽқәеи рымоуп, дара 2022 шықәса инаркны атҟәараҿы иҟан.