Урыстәылатәи аихқәа - Запорожиеи Херосни рҿы урыстәылтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара илагеит
Урыстәылатәи аихқәа - Запорожиеи Херосни рҿы урыстәылтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара илагеит

Украинатәи исуверену Запорожиетәи Хероснтәи аокругқәа импыҵахалоу рҵакырадгьылқәа рҿы, рашәара 11 инаркны урыстәылтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара илагеит. Ари атәы аарыцҳаит урыстәылатәи аихқәа асепаратисттә администрациа анапхгара рҟынтә ироуз адфрра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Запорожиетәи арегион “арратә-тәылауаҩратә администрациа ахеилак хада алахәыа” Владимир Рогов иҟаиҵаз аҳәамҭала, Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа раиуразы арзаҳалқәа аларҵеит 70 000-ҩык иреиҳаны ауааԥсыра.