Урыстәыла Қырҭтәылаҟа  ишиашо аҧыррақәа  еиҭашьақәнаргылеит
Урыстәыла Қырҭтәылаҟа ишиашо аҧыррақәа  еиҭашьақәнаргылеит

Владимир Путин иҟаиҵаз иашьашәалоу адҵа кьыҧхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-порталаҿ.

Урыстәыла ахада идҵала,  аҧыхуп  2019 шықәса ажьырныҳәа 21 рзы ирыдыркылаз,    „Урыстәылатәи афедерациа амилаҭтә шәарҭадара аиқәыршәареи, ацәгьауратә ауранагӡара аҟынтәи Урыстәыла атәылауаа рыхьчареи иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа ирызку“ ақәҵара.

Урыстәыла Қырҭтәылаҟа ишиашоу авиареисқәа ааннакылеит   2019 шықәса аҧхынраз Қарҭ имҩаҧысуаз антиаурыс апротесттә акциақәа рымшала.

Иара убас, Владимир Путин идҵала, лаҵара 15 инаркны, Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизатә режим аҧыхуп.