Урыстәыла Киев  аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа инаӡеит, урҭ иреиуп ԥшьҩык ахәыҷқәа
Урыстәыла Киев аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа инаӡеит, урҭ иреиуп ԥшьҩык ахәыҷқәа

Урыстәыла Киев аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа инаӡеит, урҭ иреиуп ԥшьҩык ахәыҷқәа, – ааицҳаит Киев арратә администрациа анапхгаҩы  Тимур Ткаченко.

Украина Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Игор Клименко ишааицҳаз ала, ахәрақәа роуит 38-ҩык, жәаҩык хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп. Еилаҳаз ахыбрақәа рҿы аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит.

Киев ахада Витали Кличко Украина аҳҭнықалақь аҿы нанҳәа 28 алахьеиқәҵаратә мшны ирылеиҳәеит.

Киев аганахьала аурысцәа имҩаԥыргаз ажәылараан аԥхасҭа роуит ахыбрақәа, амашьынақәа, Украина иҟоу Евроеидгыла аофиси Британиа ду ахеилак аофиси.