Урыстәыла аҿагыларазы атәылахьчара арӷәӷәара амзызла ЕАШ Қырҭтәыла 35 миллион доллар азалнахуеит
Урыстәыла аҿагыларазы атәылахьчара арӷәӷәара амзызла ЕАШ Қырҭтәыла 35 миллион доллар азалнахуеит

Урыстәыла аҿагыларазы атәылахьчара арӷәӷәара амзызла ЕАШ Қырҭтәыла 35 миллион доллар азалнахуеит, – ари атәы аанацҳаит “Америка абжьы”.

Аих аинформациа аҿы ишану ала, ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остини мшаԥы 25 рзы Украина ахада Владимир Зеленски Киев иҭааит. Аибашьра азонахь авизит аан, ЕАШ аминистрцәа ркабинет ҩыџьа ачинҳаракҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа рыла, ахыхьчара арӷәӷәаразы ЕАШ иацҵаны 713 миллион доллар иаҟароу арратә ацхыраара апакет азалырхуеит Украинеи 15 адгылаҩцәеи апартниор тәылақәеи.

Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак “Америка абжьы” ахь ишааицҳаз, 713 миллион доллар иаҟароу атәымтә арратә цхыраара (FMF)  аҳәаақәа ирҭагӡаны, 322 миллион доллар Украина азалырхуеит, аԥара даҽа хәҭа – Балкантәи атәылақәеи агәҭанытә Европеи мрагыларатә Европеи ртәылақәа ирзыршоит. “Америка абжьы” аинформациа ала, арҭ атәылақәа иреиуоуп Қырттәылагьы.