Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа аҳаирбаӷәаза "Гостомель" ааныкрылеит
Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа аҳаирбаӷәаза "Гостомель" ааныкрылеит

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа аҳаирбаӷәаза “Гостомель” ааныкрылеит. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аих ахада иадминистрациа аҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Уаанӡа иларҵәаз адыррақәа рыла, аҳаирбаӷәаза “Гостомель” 20  цыра KA-52-и Mi-8-и атип змоу аҵәиԥрыгақәа дыртәеит.

Ахада Зленски иҟаиҵаз аҳәамҭала,”Гостомель”аҟны аӷа идесант аҿагылон.

“Гостомелтәи” аҳаирбаӷәаща (Антоновтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза) аҳҭнықалақь Киев 10 км рыла иацәыхароуп.