Киев аракетақәа иалахысит
Киев аракетақәа иалахысит

Киев аракетақәа иалахысит. Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, ақалақь аҿы аԥжәарабжьы гон.

Киев ахада Витали Кличко ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽыҵәахырҭақәа рахь ииасырц.

Киев ақалақьтә администрациа анапхгаҩы Сергеи Попко ишааицҳаз ала, аракетақәа рыԥҽыхақәа Киев Печерсктәи араион аҟны каҳаит. Аҩнеихагыла ду аԥхасҭа аиуит. Аҭыԥ аҿы аус руеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура ахаҭарнакцәа.