Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Донецки Лугански рхьыԥшымра азхаҵара арезолиуциа аднакылеит
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Донецки Лугански рхьыԥшымра азхаҵара арезолиуциа аднакылеит

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума апленартә аилатәараҿ адепутатцәа реиҳараҩык Донецки Лугански “жәлартә респуликақәа” зхы иақәиҭу ҳәынҭқаарақәаны рызхаҵара иазку арезолиуциа иадглеит.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума апресспикер Виачеслав Володин иҟаиҵаз аҳәамҭала, арезолиуциа Владимир Путин изырышьҭит. Володин ишазгәеиҭаз, адепутатцәа ргәаанагарала “азхаҵара иабзоураны, ареспубликақәа руааԥсыра адәныҟатәи шәарҭақәа рҽацәыхьчареи ашәарҭадаеи рзы агарантиақәа раиура апрецедент шьақәгылоит”.

Мрагларатә Украинаҿ Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зхы иақәиҭу ҳәынтқаррақәаны рызхаҵара иазку апроект ажьырныҳәа 19 рзы иқәнаргылеит “Акоммунисттә партиа”.