Урыстәылатәи аих - импыҵахалоу Аԥсны "ахада" аусԥҟа инапы аҵеиҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы
Урыстәылатәи аих - импыҵахалоу Аԥсны "ахада" аусԥҟа инапы аҵеиҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы

Урыстәылатәи аих ишаарыцҳаз ала, импыҵахалоу Аԥсны “ахада” аусԥҟа инапы аҵеиҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы.

Аих рдырақәа рыла, Бжьаниа иазгәеиҭеит “Аԥсны икылкааны иацклаԥшуеит Донбас иҟоу аҭагылазаашьа” ҳәа.

“Донецки Лугански  ажәларқәеи ҳареи ҳаҩызара ҳасаб азуны, аԥхьаҟагьы урҭ рыԥсҭазаара ҳалахәуп ҳәа иԥхьаӡаны, гәыкала ҳашьцәа ашәарҭадареи аизҳареи рзеиӷьашьо, иахьа аусԥҟа снапы аҵазеҩит Лугансктәии Донецктәии жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы. Агәра ганы сыҟоуп аԥсуа жәлар зегьы ари аӡбамҭа ишадгыло”, – ҳәа иҳәеит импыҵахалоу Аԥсны де-факто ахада.