Укрина ирхәыз "Foxnews" аоператор иԥсҭазаара далҵит

Укрина хәажәкыра 14 рзы ирхәыз “Foxnews” аоператор Пиер Закржевски иԥсҭазаара далҵит. Ари атәы аалыцҳаит ателееилахәыра анапхгаҩы Сиузан Скотт.

Закрдевскии акорреспондент  Бенжамин Ҳоли Украина аҳҭнықалақь ааигәара аныҟаз, рмашьына иреихсит. Ажурналист Ҳол ахәрақәа иоуит, уи ахәышәтәырҭахь днаган.

„Пиер аибашьрақәа ҭихуан, адунеи еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟны,аимакқәа ҭихун,  Шьамтәылеи Афганистани дыҟан. Уи Украина аусура далагеит жәабран  мзазы. Уи абаҩхатәра ду змаз уаҩын“, – илҳәеит “Foxnews” анапхгаҩы.