Давиҭ Арахамиа -  НАТО атәылақәа даҽа   хәбаҟа-жәабаҟа шықәса Украина адкылара азҵаара ахәаҧшра иазыхиам, НАТО ахь азыҳәамҭа аҟаҵара ҳҭахым, ҳара апроцесс акәымкәа, алҵшәа ҳазықәҧоит
Давиҭ Арахамиа -  НАТО атәылақәа даҽа   хәбаҟа-жәабаҟа шықәса Украина адкылара азҵаара ахәаҧшра иазыхиам, НАТО ахь азыҳәамҭа аҟаҵара ҳҭахым, ҳара апроцесс акәымкәа, алҵшәа ҳазықәҧоит

 НАТО атәылақәа даҽа   хәбаҟа-жәабаҟа шықәса Украина адкылара азҵаара ахәаҧшра иазыхиам – иҳәеит  Украина апарламент аҿы афракциа  «Ажәлар рмаҵзуҩы»  алидер Давиҭ Арахамиа  FoxNews аинтервиу анеиҭоз.

«Ҳара НАТО ахь азыҳәамҭа аҟаҵара ҳҭахым, ҳара апроцесс акәымкәа, алҵшәа ҳазықәҧоит. Ҳара модельқәак рыхәаҧшра ҳазыхиоуп. Иаҳҳәап,  еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә ашәарҭадара агарантиақәа. Абри аҩыза азҵаарақәа рылацәажәара ҳазыхиоуп», — иҳәеит  Давиҭ Арахамиа.

Иара Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәагьы дырзааҭгылан,  ишиҳәаз ала,  аганқәа реиқәшаҳаҭхара иаҧырхагоу зҵарақәак  иҟоуп.

«Ҳаззықәшаҳаҭымхо зҵаарак иҟоуп  —  Ҟрыми  Урыстәыла иазханаҵаз ареспубликақәеи. Аукраин жәлар уи изақәшаҳаҭхом. Украинатәи аделегациа Украина аҵакырадгьылтә акзаара азҵаараҿы  акомпромисс иақәшаҳаҭхом. Ҳара иарбанызаалак даҽа вариантк алацәажәара ҳазыхиоуп», — иҳәеит  Арахамиа.