Украинеи Урыстәылеи атҟәацәа еиҭнырыҧсахлеит
Украинеи Урыстәылеи атҟәацәа еиҭнырыҧсахлеит

Атҟәацәа реиҭныҧсахлара абзоурала, Украина, раҧхьаӡа акәны, «Азовсталь» ахьчаҩцәа архынҳәит. Ари атәы аанацҳаит Украина Аҧшыхәратә маҵзура хада.

«Атҟәацәа реиҭныҧсахлра абзоурала,  144ҩык украинатәи ахьаҩцәа аҩныҟа ихынҳәит. Урҭ рҟынтә  95ҩык  —  «Азовсталь» ахьчаҩцәа роуп, урҭ иреиуп  аполк  «Азов» иалахәыз 43ҩык аруаа, —  иануп адырраҿы.