Украинеи Урыстәылеи арратә тҟәацәа еиҭнырыԥсахит
Украинеи Урыстәылеи арратә тҟәацәа еиҭнырыԥсахит

Украинеи Урыстәылеи арратә тҟәацәа еиҭнырыԥсахит.

Украина ахада Володимир Зеленски ишааицҳаз ала, аԥсадгьыл ашҟа ихынҳәит 277-ҩык арратә тҟәацәа.

Зеленски асоциалтә ҳаҿы ишааицҳаз ала, Урыстәылантә ихынҳәыз атҟәацәа иреиуп Украина абџьармчқәа рхаҭарнакцәа, амилаҭтә гвардиа алахәылацәа, аҳәаахьчацәа. Украина ахада ишазгәеиҭаз ала, урҭ Мариупольтәи, Донецктәи аобластқәеи, Херсони, Запорожиеи, Лугански рҵакырадгьылқәа рыхьчаон.

Зеленски Араԥцәа Еидоу Ремиратқәа атҟәацәа рырхынҳәра аус аҿы абжьаҟазаразы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Урыстәыла аинформациа ала, Урыстәылашҟа ихынҳәит 246-ҩык аруаа.