Украинатәи аҧшыхәра - Кремль ауаа рацәа иахьҭахо, аҭынчратә аиҿцәажәарақәа раҧыхра иазку  апровокациа ду азы рҽазыҟарҵоит
Украинатәи аҧшыхәра - Кремль ауаа рацәа иахьҭахо, аҭынчратә аиҿцәажәарақәа раҧыхра иазку  апровокациа ду азы рҽазыҟарҵоит

Украина адәныҟатәи аҧшыхәра амаҵзура адыррақәа рыла,  Кремль, Қьырса аныҳәаз,  ауаа рацәа иахьҭахо, аҭынчратә аиҿцәажәарақәа раҧыхра иазку  апровокациа ду азы рҽазыҟарҵоит.

«Украина адәныҟатәи аҧшыхәра амаҵзура адырра ҟанаҵоит Кремль, Қьырса аныҳәаз,  ауаа рацәа иахьҭахо, Америка абжьацәажәарала имҩаҧысуа аҭынчратә аиҿцәажәарақәа раҧыхра иазку  апровокациа ду азы аҽазыҟаҵара ишаҿу. Ари аоперациа акомплекстә ҟазшьа амоуп. Путин ирезиденциа ажәылара иазку аинформациа ҧаршеи аларҵәара ашьҭахь дара урыстәылатәии жәларбжьаратәии аудиториа наҟ-наҟтәи аескалациазы иазыҟарҵоит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Иара убас, аҧшыхәратә информациа инақәыршәаны,  апровокациа ҭыҧны иҟалар ауеит арелигиатә ргыламҭа, мамзаргьы, асимволтә ҵакы змоу даҽа ҭыҧк.