Украинаа Ҟрым аҟәара ааигәара урыстәылатәи амшынтә флот иатәыз аӷба “Сергеи Котов” аҵахь рышьҭит. Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аоперациа ҷыда Украина атәылахьчаратә министрра аԥшыхәратә ҟәша хадеи Украина абџьармчқәа арратә-мшынтә мчқәеи еицымҩаԥыргеит.
Урыстәылатәи аӷба аԥырҩы дызҭам украинатәи амшынтә аппарат “MAGURA V5” ала ақәлеит.
Урыстәылатәи аӷба ақәлеит Керчтәи аӡыбжьахалаҿ. Иӡааҟәрылаз аӷба ахәԥсал 65 миллион доллар иаҟароуп.