Украина иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ  - Ҳара Украина абџьар хьанҭа аҳҭоит, уи ҵыхәҧҵәарала иҳаӡбеит
Украина иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ  - Ҳара Украина абџьар хьанҭа аҳҭоит, уи ҵыхәҧҵәарала иҳаӡбеит

«Германтәыла Украина абџьар хьанҭа анаҭоит, уи ҵыхәҧҵәарала иҳадаҳкылаз аӡбароуп», — илҳәеит Украина иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Анка Фельдгузен.

Атанкқәа «Гепард» данрылацәажәоз лара ишылҳаз ала, арҭ атанкқәа ишиашо ааглыхҩәа рҟынтә аархар рылшоит, аха, уи азыҳәан, атәыла аиҳабыра рҟынтә  аекспорт азы азин  рҭахуп.

Анемец дипломат ишазгәалҭаз ала, украинатәи аган акәылӡмашьынақәа  «Мардер» рыҭара аганахьалагьы апроблемақәа иҟам.

« «Мардерқәа» ахархәара рымамкәа жәашықәса игылоуп. Ишыздыруа ала, уажәы аибашьразы ихәарҭам, зны ирҽеины, нас ауп ианраҳҭо. Адетальқәа зегьы сыздырӡом, аха ҵыхәҧҵәарала аӡбара ҳадаҳкылеит  – ҳара украинаа абџьар хьанҭа раҳҭоит», – илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.