Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Гела Гогиа иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ашҟа иааргеит. Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ афырхаҵа иуацәеи иҩызцәеи еизеит.
Гела Гогиа Краматорск ақалақь аҿы дықәԥон. Иҟоу адыррақәа рыла, Гогиеи иҩызцәеи нанҳәа 26 рзы аракетатә жәылараан ҭахеит, џьоукы ахәрақәа роуит.
Гела Гогиа ипанихида Қашуеҭтәи аныхабаа аҿы мҩаԥгахоит, уи ашьҭахь, аҩашаҽны уи Сенаки анышә дарҭоит.
Украина аибашьра иалагеижьҭеи иҭахеит 19-ҩык ақырҭуа аибашьцәа.