Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Алик Цаава арратә ҳаҭырла анышә дамардеит
Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Алик Цаава арратә ҳаҭырла анышә дамардеит

Мшаҧы 16 рзы Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Алик Цаава иахьа Жәыргьыҭ, арратә ҳаҭырла анышә дамардеит. Аибашьҩы аҵыхәтәантәи имҩашҟа днаскьаргеит атәылауаҩратә хаҿқәеи арратә маҵзуҩцәеи.

Ацеремониа ихы алаирхәит  Қырҭтәыла иҟоу Украина арратә атташе, аинрал-маиор Сергеи Кравчук.

«Ҩымз ҵуеит Урыстәыла Украина аҵакырадгьыл аҿы ампыҵахаларатә еибашьра мҩаҧнагоижьҭеи. Аибашьра раҧхьатәи амш инаркны ақырҭуа аибашьцәа, рхатәгәаҧхарала, Украина ахьыҧшымра ахьчаразы Украинаҟа идәықәлеит.  Иахьазы жәаҩык аибашьцәа ҳцәыӡхьеит. Иахьа Қарҭҟа сааит  Украина ахьыҧшымразы иҭахаз ҳфырхаҵа аҵыхәтәантәи имҩашҟа днаскьазгарц азыҳәан. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Украина ишаиааиуа. Ҳашьцәа, ақырҭуа жәлар ишҳадгыло еснагь ҳцәа ианыруеит», — иҳәеит аинрал-маиор Сергеи Кравчук.