Украина ахада иусмҩаҧгарҭаҿы ишаарыцҳаз ала,  Владимир Зеленски Михаил Саакашвили иаанкылара даргәамҵуеит

«Украина ахада Владимир Зеленски Қырҭтәыла ҧасатәи ахадеи Украина ареформақәа рзы анагӡаратә комитет ахантәаҩи Михаил Саакашвили Қырҭтәыла иаанкылара афакт даргәамҵуеит», — асоциалтә аҳаҿы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Сергеи Никифоров.

«Украина ареформақәа рзы анагӡаратә комитет ахантәаҩы Михаил Саакашвили иаанкылара иазку аинформациа ҳахшыҩ азышьҭны ҳацклаҧшуеит.  Украина ахада Владимир Зеленски Қырҭтәыла  Михаил Саакашвили иаанкылара афакт даргәамҵуеит», — иҩит Никифоров.