Украина ауаажәларратә дырраҭара ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩи Украина амедиамониторинг азы агентра анапхгаҩи Қырҭтәыла Актәи аканал иаҭааит
Украина ауаажәларратә дырраҭара ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩи Украина амедиамониторинг азы агентра анапхгаҩи Қырҭтәыла Актәи аканал иаҭааит

Украина ауаажәларратә дырраҭара ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Светлана Остапаи Украина амедиамониторинг азы агентра анапхгаҩы Галина Петрики Қырҭтәыла Актәи аканал иаҭааит. Украинатәи асасцәа Ауаажәларратә дырраҭара адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвилиии, Ауаажәларратә дырраҭара амедиа анапхгаҩы Руслан Маџьгалаӡеи, Ауаажәларатә дырраҭара ахылаԥшртә хеилак ахантәаҩы Васил Маӷлаԥериӡеи ирԥылеит.

Аиԥылара Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭараҿ мҩаԥган, аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Қырҭтәылеи Украинеи руаажәларатә дырраҭарақәа ирыбжьоу аусеицуреи наҟ-наҟтәи апланқәеи.

“Ҳара ҳзы украинатәи аҩызцәеи, аколлегацәеи ҳадгылаҩцәеи Қырҭтәыла рыдкылара еснагь гәырӷьара дууп. Аибашьра актәи амш инаркны Ауаажәларратә дырраҭара Украина Ауаажәларратә дырраҭараҟны аусеицура бжьанаҵеит. Атехникатәи аморалтәи ыхцраара рзааҳарԥшит. Ҳаизыҟазаашьақәа рыла ҳԥагьоуп. Иахьа арҭ аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ҳахцәажәеит”, – илҳәеит Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.