Украина Арбџьармчқәа Қырҭтәыла Арбџьармчқәа адгылара рзаадырҧшит
Украина Арбџьармчқәа Қырҭтәыла Арбџьармчқәа адгылара рзаадырҧшит

Нанҳәатәи аибашьра инаркны 13 шықәса аҵра инамаданы, Украина Арбџьармчқәа Қырҭтәыла Арбџьармчқәа адгылара рзаадырҧшуеит, — иануп Украина Арбџьармчқәа Аштаб хада аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Украина Арбџьармчқәа,  2008 шықәса нанҳәазы Урыстәыла Қырҭтәыла иаҿагыланы излагаз агрессиеи, Қырҭтәыла арегионқәа Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рхьыҧшымра азхаҵареи  иақәыӡбоит.

Украина Арбџьармчқәа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.

Украина Арбџьармчқәа рштаб хада аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала,  Урыстәыла -Қырҭтәылатәи аимак арҵаара ала агрессор иаанкылара аҽазакра амшала, 2014 шықәсазы   урыстәылатәи ампыҵахалратә мчқәа  Украинагьы иажәылеит.