Украина акультура аминистр иҳәамҭала, Украина Евровизиа -2023 даҽа тәылак аҿы амҩаҧгара иазку аӡбара иазашшуеит
Украина акультура аминистр иҳәамҭала, Украина Евровизиа -2023 даҽа тәылак аҿы амҩаҧгара иазку аӡбара иазашшуеит

Украина акультура аминистр Алеқсандр Ткаченко иҳәамҭала, Украина Евровизиа -2023 даҽа тәылак аҿы амҩаҧгара иазку аӡбара иазашшуеит.

Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит аминистр и-«Телеграмм» шьаҭас иҟаҵаны.

«Украина ари аӡбара иақәшаҳаҭым  – ҳара иҳмазҵаакәа, егьырҭ авариантқәа рыхәаҧшра алшара ҳамҭақәа аӡбара рыдыркылеит.   Евровизиа  – 2023  Украинаҿ амҩаҧгара  ала адунеи зегьы аанарҧшыр алшон уажәы Украина ишадгыло. Ҳара ари аӡбара аҧсахра ҳаҳәоит, избанзар, агәры ганы ҳаҟоуп ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы рынагӡара шҳалшо, Европатәи адырраҭаратә еидгыла изныкымкәа ари атәы адырра раҳҭахьеит», — иҳәеит  Ткаченко.

Европаттәи  адрраҭаратә еидгыла рашәара  17 рзы аанацҳаит аконкурс Евровизиа –  2023 Украина амҩаҧгара шыҟамло, убри аҟынтә, рхаҭарнакцәа сынтәа аҩбатәи аҭыҧ аанызкылаз Британиа Ду иадҵаалт.