2023 шықәсазы  "Евровизиа", Украина ацынхәрас, Британиа Ду имҩаҧысуеит
2023 шықәсазы  "Евровизиа", Украина ацынхәрас, Британиа Ду имҩаҧысуеит

2023 шықәсазы  “Евровизиа”, Украина ацынхәрас, Британиа Ду имҩаҧысуеит. Аконкурс апҟарақәа инрықәыршәаны, аконкурс аҿы аиааира згаз атәылаҿоуп анеҩстәи аконкурс ахьымҩаҧысуа. Сынәта «Евровизиа» аконкурс аҿы аиааира агеит украинатәи агәыҧ  Kalush Orchestra.

Аха, рашәарамзазы аконкурс аиҿкааҩцәа аарыцҳаит Украина аконкурс амҩаҧгара шыҟамло. Убри анеҩс, аконкурс амҩаҧгаразы, Британиа Ду аҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧган.

Украина анапхгара ари аӡбара иадҳәаланы агәынамӡара аадырҧшит. Дара ишырҳәаз ала, аконкурс аан ашәарҭадара аиқәыршәара рылшон, аха, Европатәи адырраҭарақәа реидгыла даҽа тәылак аҿы аконкурс мҩаҧыргарц рыӡбеит.

«Евровизиа-2023» ахьымҩаҧысуа ақалақь макьана идырым, аха, аконкурс амҩаҧгара иазҿлымҳахеит Глазгои Манчечтери.