Евровизиа 2023 азы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгыло Иру Хечанови Ливерпуль ахь ддәықәлеит

Евровизиа 2023 аӡы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгыло Иру Хечанови ақырҭуа делегациеи Ливерпуль ахь идәықәлеит.

“Ливерпуль ахь сдәықәлоит. Дараӡа сгәырӷьоит. Уа иҟоу ишыҟоу абара даараӡа исҭахуп, сзычҳауам. Актәи арепетициа сазыԥшуп, избан акәзар асценографиа аганахьала ақәгылара зеиԥшроу макьана исымбаӡацт.  Қырҭтәыла афинал ахь алаларазы исылшо зегь ҟасҵоит. Ҭелла асра шәхашәмыршҭын”, – илҳәеит Иру Хеванови.

Иру Хечанови актәи арепетициа лаҵара 2 рзы мҩаԥылгоит. Лаҵара 11 рзы Евровизив аҩбатәи афиналбжатә тур аҿы дықәгылоит Лаҵара 13 рзы Евровизиа 2023 афинал мҩаԥгахоит. УИшиашоу атранслиациа Қырҭтәыла Актәи аканал шәыднагалоит.