Украина аҳәаа иаԥну урыстәылатәи ақалақь Белгород аҟны аԥжәара бжьы гоит
Украина аҳәаа иаԥну урыстәылатәи ақалақь Белгород аҟны аԥжәара бжьы гоит

Украина аҳәаа иаԥну урыстәылатәи ақалақь Белгород аҟны аԥжәара бжьы гоит.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ада, ақалақь аҟны алҩа иубарҭоуп. Зхатә гәаԥхарала арра ицаз урыстәылатәи акорпуси Урыстәыла ахақәиҭра алегиони аҭыԥантә уааԥсыра ашәарҭа иазку агәҽанҵара рыҭаны, иқәҵырц ирабжьаргоит. Аларҵәара зауз адыррақәарыла, ақалақь “Град” аракетақәа ирылахысит. Ажәылараан иҭахеит ҩыџьа атәылауаа.

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, украинатәи адиверсантцәа  Белгороди Курски рраионқәа ржәылара рҭахын, аха Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа урҭ рыҿагылара рылшеит.