Украина агенштаб  - Ақәԥара цәгьақәа мҩаԥысуеит Бахмути Маринкеи рҿы, аурыс аруаа ажәыларақәа нарыгӡоит
Украина агенштаб - Ақәԥара цәгьақәа мҩаԥысуеит Бахмути Маринкеи рҿы, аурыс аруаа ажәыларақәа нарыгӡоит

Ақәԥара цәгьақәа мҩаԥысуеит Бахмути Маринкеи рҿы, аурыс аруаа ажәыларақәа нарыгӡоит, аҵакырадгьыл амцацраҵаратәи афосфортәи аибашьыга маҭәашьарқәа рхы иадырхәоит, – аарыцҳаит украинатәи аихқәа аштаб хада аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Украина ар мрагыларатә гәыԥқәа реиҳабы Александр Сирски ишааицҳаз, аурысцәа идҵаны ирымоуп лаҵара 9-нӡа Бахмут анапаҿы аагара, украинатәи аруаа хықәкыс ирымоуп ақалақь ахьчара.

Украинатәии аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа артиллериеи арратә авиациеи рыла Днепропетровски Херсони абомбақәа рыларыжьит. Еилаҳаит аҩнқәа, аԥхасҭа аиуит агазмҩангагеи афымцалашаратә цәаҳәақәеи.

Украинатәи ар аурысцәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәеи, аиҳа́быратә пунктқәеи ндырҵәеит, абомбақәа ақәыжьит арратә персонали аибашьыга маҭәарқәеи ахьыҟаз аҵакырадгьылқәа