Украина, адронқәа рыла, ҕәҕәала урыстәылатәи арегионқәа ираахеит. Ажәыларақәа мҩаҧган Орловск, Липецк, Воронеж, Ростов, Самара атәылаҿацәқәа рганахьала.
Ажәылара амшала аҧхарратә фымцатә станциа аҧхасҭа аиуит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ауаа акгьы рмыхьит.
Адронқәа рыла ажәылара амшала, ҧхынҷкәын 19 рзы, ҵхыбжьон, жәабала аҳаирбаҕәазақәа русура аанкылан, урҭ иреиуп Владикавкази, Грозни, Магаси, Самареи, Иарославли рҳаирбаҕәазақәа.