Украина адәныҟатәи аусҳәарҭа - Аофициалтә Қырҭ ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Урыстәыла аӡбамҭа иаҿагыларц, Урыстәыла анапхгара уи жәларбжьаратә закәан еиларгоит, Украина арратә ацәгьаура ҟанаҵоит
Украина адәныҟатәи аусҳәарҭа - Аофициалтә Қырҭ ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Урыстәыла аӡбамҭа иаҿагыларц, Урыстәыла анапхгара уи жәларбжьаратә закәан еиларгоит, Украина арратә ацәгьаура ҟанаҵоит

Украина аҭәынч тәылауаа ирықәлоит аракетақәеи абомбақәеи рыла, акгьы зхарам атәылауаа иршьуеит, урҭ иреиуоуп ахәыҷқәа, ари адкылашьа амам, – иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.

“Украина икылкааны иацклаԥшуеит Қырҭтәыла аганахьала Урыстәылатәи афедеарциа ахәаахәҭратә асанкциақәа рыхәҭа аԥыхра ажәабжь. Урыстәылатәи афедерациа ари аӡбамҭа аднакылеит Қырҭтәыла анапхгара Урыстәыла аганахьала жәларбжьаратәи аиҩызара шьақәнарӷәӷәаз асанкциақәа ахьрыдрымкылаз иадҳәаланы. Ахәыҷқәеи аҳәсеи аҭынч тәылауааи рганахьала аракетақәеи абомбақәеи рполитика мҩаԥызго Урыстәыла аҟынтә абри еиԥш атәылаҟны ахәаахәҭратә аизыҟазаашьақәа раԥҵара адкылашьа амамзароуп. Аофициалтә Қырҭ ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Урыстәыла аӡбамҭа иаҿагыларц, Урыстәыла анапхгара уи жәларбжьаратә закәан еиларгоит, Украина арратә ацәгьаура ҟанаҵоит,” – иануп аҳәамҭа аҿы.