Wizz Air ақырҭуа џьармыкьаҿы аҧырра еиҭалагоит мшаҧы  18 инаркны

Wizz Air ақырҭуа џьармыкьаҿы аҧырра еиҭалагоит мшаҧы  18 инаркны

Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа реидҵареи авиаеилахәыра  Wizz Air-и реиҿцәажәара қәҿиарала ихыркәшоуп. Зыӡбахәы ҳәоу аивиаеилахәыра Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә аҧырра еиҭалагоит.

Мшаҧы  18  инаркны Варшавеи Вильниуси рхырхарҭала ареисқәа еиҭашьақәгылоит.

Уажәазы иҟоу аинформациа инақәыршәаны, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, хәыҷы-хәыҷла, 13 хырхарҭақәа рыла ареисқәа еиҭашьақәгылоит.