"Wall Street Journal" - Ҭырқәтәылтәи аилахәырақәа жәамиллион доллар иаԥсаз урыстәылатәи арратә мчқәа ирҭахыз амаҭәарқәа аекспорт рзыруит
"Wall Street Journal" - Ҭырқәтәылтәи аилахәырақәа жәамиллион доллар иаԥсаз урыстәылатәи арратә мчқәа ирҭахыз амаҭәарқәа аекспорт рзыруит

ырқәтәылтәи аилахәырақәа жәамиллионла доллар иаԥсаз урыстәылатәи арратә мчқәа ирҭахыз амаҭәарқәа аекспорт рзыруит. Ари атәы аанацҳаит “Wall Street Journal”.

Акьыԥхь аинформациала, ахәаахәҭратә дыррақәа рыла,Москва асанкциақәа ирыхәмԥшкәа ахатә арратә ҭаххарақәа рынагӡара алшоит.

Адыррақәа рыла, 13 ҭырқәтәылатәи аилахәырак урыстәыла арратә мчқәа рзы 18.5 миллиард доллар иаԥсоу аалыҵ рзырышьҭит.

Ҭырқәтәылантә аалыҵ зауз аилахәырақәа иреиуоуп урыстәылатәи акорпорациа “Атактикатә ракетатә абџьар”, ари аилахәыра урыстәыатәи афлот азы абџьар аунажәҭуеит, даҽа аилахәыра ауп “Промтехнологиа” – ари аилахәыра асиа еиқәаҵәа иалоуп.