Уаҵәы Қырҭтәыла даҭаауеит Польша ахада
Уаҵәы Қырҭтәыла даҭаауеит Польша ахада

Лаҵара 26-27 рзы  Қырҭтәыла иаҭаауеит Польшатәи ареспублика ахада Анджеи Дудеи иԥҳәыс Агата Корнҳаузер-Дудеи.

Қырҭтәыла ахада лпрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, уаҵәы асас Ахьыԥшымра ашҭаҿ имҩаԥысуа ауснагҿатә аҿы дықәгылоит. Анджеи Дуда ихы алаирхәоит ахьыԥшымра амш инамаданы имҩаԥысуа гала-аконцерт.

Лаҵара 27 рзы апланқәа ирылоуп ахада Саломе Зурабишвилии Польша ахадеи реиԥылара. Уи ашьҭахь имҩаԥысуеит аиԥылара ирҭбаау аформат аҿы.

Саломе Зурабишвилии Андже Дудеи аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Анджеи Дуда Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили диԥылоит.