ВВС - Украина анапхгара ишаарыцҳаз, аурыс аруаа Мариуполь ақалақь аҿы хәышәтәырҭак аҳақьымцәеи апациентцәеи шасыс иргеит
ВВС - Украина анапхгара ишаарыцҳаз, аурыс аруаа Мариуполь ақалақь аҿы хәышәтәырҭак аҳақьымцәеи апациентцәеи шасыс иргеит

Украина анапхгара ишаарыцҳаз, аурыс аруаа Мариуполь ақалақь аҿы хәышәтәырҭак аҳақьымцәеи апациентцәеи шасыс иргеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Ателеграмм канал аҿы Донецктәи аокруг аҳәынҭқарратә администрациа аиҳабы Павел Кириленко ишааицҳаз, аурыс аруаа аҳақьымцәеи апациентцәеи ахәышәтәырҭантә ацара зин рырҭом.

Павел Кириленко идыррақәа рыла, ахәышәтәырҭа усуҩк ишааицҳаз, адәылҵра рылшом. Ахысра иаҿуп, аҩнаҵаҟа рҽырҵәахуеит.  Амашьынақәа ахәышәтәырҭа ааигәара изнеиуам. Акәша-мыкәша иҟоу аҩнқәа былуеит.