ВВС - Украина аҳәаа 30 км иацәыхараны иҟоу Белогородтәи анефт аизгарҭа иажәлеит

Белогородтәи аокруг агубернатор Виачеслав Гладков иҟаиҵаз аҳәамҭала, украинатәи гьежьԥрыгақәа ақалақь аҿы иҟоу анефт аизгарҭа иажәлеит. Агубернатор иажәақәа рыла, агьежьԥрыгақәа украина атерриториантә урыстәыла аҵакырадгьыл ахь ииасит. Ари атәы аанацҳаит ВВС урыстәылатәи абиуро.

Аих аинформациа ала, украинатәи агьежьԥрыгақәа Урыстәыла аҳауаҭархагатә система абжьажьра ишрылшаз еилкаам, ари азы агубератор аҭак имам. Гладков идыррақәа рыла, ажәылара ашьҭахь анефт аизгарҭа абылра алагеит, ахәрақәа роуит ҩыџьа.

Белогородтәи анефт аизгарҭазы ажәылара иазкны аклаақәа ҟарымҵаӡеит Украина.

Белогород Украина аҳәаа 30 км рыла иацәыхароуп.