Володимир Зеленски - Украина даара иуадаҩу алхра ақәшәар алшоит, аҳаҭыр ма апартниор хада, ацәыӡра ашәарҭара, иуадаҩу 28 апункт, ма даара иуадаҩу аӡын

Украина аҳаҭыр ма апартниор хада ацәыӡыр алшоит, – иҳәеит Украина ахада Володимир Зеленски авидеоааԥхьараҿ.

Атәыла аҭоурых аҿы зегь реиҳа иуадаҩу аамҭақәа ирҭагылоуп, Украина цәгьала иақәыӷәӷәоит.

“Украина даара иуадаҩу алхра ақәшәар алшоит, аҳаҭыр ма апартниор хада, ацәыӡра ашәарҭара, иуадаҩу 28 апункт, ма даара иуадаҩу аӡын”, – иҳәеит Зеленски.

ЕАШ аҭынчратә план иадҳәаланы Зеленски ишазгәеиҭаз ала, урҭ Украина аҭак иазыԥшуп.

Украина Ахада иажәақәа рыла, атәыла амилаҭтә интересқәа ҳасаб рзутәуп.

Иацы АИХқәа Урыстәылеи Украинеи реибашьра ахыркәшаразы Дональд Трамп иҭынчратә план аҵакы аладырҵәеит. Драмп иплан инақәыршәаны, “Урыстәыла агәыларатәи атәылақәа ирықәлаӡом, Нато иҭбаахоит, Ҟрым, Луганск, Донецк де-факто Урыстәла арегионқәас иазхарҵоит”. Америка инцҵаны иқәнаргылоит Украина ари аплан абҵара 27-нӡа иақәшаҳаҭхар.