Володимир Зеленски – Украина аконтржәылара иалагоит, ҳпартниорцәа рҟынтә арратә ҳаирпланқәа ҳауаанӡа ҳазыҧшуам
Володимир Зеленски – Украина аконтржәылара иалагоит, ҳпартниорцәа рҟынтә арратә ҳаирпланқәа ҳауаанӡа ҳазыҧшуам

Украина аконтржәылара иалагоит, ҳпартниорцәа рҟынтә арратә ҳаирпланқәа ҳауаанӡа ҳазыҧшуам, – иҳәеит Украина ахада Володимир Зеленски аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа аинтервиу анриҭоз.

Зеленски ишиҳәаз ала, мраҭашәаратә ҳаирпланқәа ари ақәҧараҿы даараӡа Украина иацхраауан, аха, атәыла, арҭ аҳаипланқәа ирзымҧшкәа аконтржәылара иалагоит.

Володимир Зеленски иажәақәа рыла,  аконтржәыларазы Украина даараӡа аҭахуп апартниорцәа изқәдыргәыҕыз абџьар.

Украина ахада иҳәамҭала, аконтржәыларала иазҧхьагәаҭоуп Ҟрым ахақәиҭтәра, аха, Украина ақәҿиара мраҭашәаратә абџьар аиура иахьыҧшуп. Иара убас, Украина ахада иашазгәеиҭаз ала, аибашьра иҵегьы акыршықәса инагӡахар ауеит.