Украина ахада Володимир Зеленски иахьа Сҭамԥыл, Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан диԥылоит, – аарыцҳаит Ҭырқәтәыла ахада иадминистрациа аҟынтә.
Аиԥылара Долмабаҳче ахан аҟны мҩаԥгахоит, уи ашьҭахь алидерцәа аҳәамҭақәа еицыҟрҵоит.
Ҭырқәтәылатәи аган ишаанацҳаз ала, аиԥылараҿ Украинеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәеи Амшын Еиқәа ашәарҭадаратә коридори ирызку азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит.