Володимир Зеленски -  Евроатлантикатә аилазаара анапхгара азызуада?
Володимир Зеленски -  Евроатлантикатә аилазаара анапхгара азызуада?

Евроатлантикатә аилазаара анапхгара азызуада? Ишҧа,  Москва шәацәшәама?» — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски иахатәи авидеоааҧхьараҿы.

Иара даҽазнык апартниорцәа дрыҳәеит Украина аҳаирпланқәеи, аҳаирҽыхьчаратә системақәеи, атанкқәеи арҭарц.

«Украинеи европеи ршәарҭадара зырҧсои? Ашәарҭадара аконкреттә ахә амоуп  —  аҳаирпланқәеи,  аҳаирҽыхьчаратә системақәеи,  атанкқәеи. Ҳпартниорцәа абри зегьы рымоуп,  баша асаба иаганы игылоуп», — иҳәеит  Зеленски.

Зеленски иҳәамҭала,  Украина НАТО иамоу аҳаирпланқәеи атанкқәеи наӡынак мацароуп  иаҭаху.

«Ҳара уаҳа акгьы ҳҭахым,  31 мшы ҳаҧшуп. Нас,  евроатлантикатә аилазаара анапхгара азызуада? Ишҧа,  Москва шәацәшәама?. Апартниорцәа иаҳа активла Украина иацхраароуп. Абри зегьы апартниорцәагьы ирҭахуп, избарзар, уи европатәи ашәарҭадарагьы иадҳәалоуп», — иҳәеит Зеленски.