Володимир Зеленски Дональд Трампи Флоридатәи агубернатор Рон Дессантии Украинаҟа иааиԥхьеит
Володимир Зеленски Дональд Трампи Флоридатәи агубернатор Рон Дессантии Украинаҟа иааиԥхьеит

Украина ахада Володимир Зеленски ЕАШ ԥасатәи ахада  Дональд Трампи Флоридатәи агубернатор Рон Дессантии Украинашҟа иааиԥхьеит. Ари аҳәамҭа Зеленски NBC аинтервиу аҿы ҟаиҵеит.  Зеленски иажәақәа рырла, ааԥхьара амзыз урҭ рпозициоуп, Трампи Дессантии ЕАШ Украина ахьацхраауа ргәаԥхом.

Зеленски иажәақәа рыла, Украина аҵахара Москваҟны иаҳа хымҽхак ҭбаау аимак ауп иаанаго.

“Аибашьра алагаразы ихиоума, аибашьрахь рԥацәа рышьҭыр ихиоума? Иԥсыр ихиоума? Урыстәыла Украина ампыҵахалара алшар, урҭ Прибалтикатәи атәылақәеи, Польшеи, нато иалоу атәылақәеи рахь ииасуеит, усҟан ЕАШ Нато аилаҳара ма ақәԥара алхра ақәшәоит”, – иазгәеиҭеит Зеленски аинтервиу аҿы.