Володимир Зеленски -  "Азовсталь" аҟынтә ауаа ревакуациа иалагеит, азауад иалҵхьеит 100ҩык ауааҧсыра
Володимир Зеленски -  "Азовсталь" аҟынтә ауаа ревакуациа иалагеит, азауад иалҵхьеит 100ҩык ауааҧсыра

“Азовсталь” аҟынтә ауаа ревакуациа иалагеит, азауад иалҵхьеит 100ҩык ауааҧсыра, дара ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу азонашҟа ииаргоит, — иҩит Украина ахада  Володимир Зеленски асоциалтә аҳаҿы.

«Уаҵәы арҭ ауаа Запорожие ирҧылоит.  Ҳкоманда ҳабуп ҳәа расҳәоит! Уажәы дареи ЕАР ахаҭарнакцәеи егьырҭ ауааҧсырагьы азауад аҟынтә ралгаразы аус еицыруеит», — иҩит  Зеленски.